Аҧсуа жәлар рҭоурыхтә лахьынҵа, рҧеиҧш аӡбахә анаҳҳәо Аҧсуа ҳәынҭқарцәа нагақәа раҧхьа иҳаргылоу дыруаӡәкыуп, жәлар рҵеи лаша Владислав Арӡынба. Уи хьыӡла-ҧшала инаигӡеит еиуеиҧшым абиҧарақәа ззықәҧоз амилаҭтә-хьыҧшымратә идеиа аларҵәара иазкыз аполитикатә миссиа ҷыда. Аҧсны аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргыларазын шьакаҭәарада ҧсыхәа аныҟамлагьы, фырхаҵарыла ҳажәлар раҧхьа днагылеит.
Хьаҵрак ҟаимҵеит 1992 ш. азы Аҧсны ахьӡ ахааназын аҭоурыхтә хсаала ианызхырц зыӡбаз ақырҭуа агрессорцәа бџьарла рҿагылараҿы. Ииашаҵәҟьаны иара ихьӡ иадҳәалоуп иҧшьоу аиааира, раҧхьатәи зхы иақәиҭу адемократиатә ҳәынҭқарра ашьаҭаркра, уи Аконституциа ҿыц, амилаҭтә идеологиа аҧҵара, аҧсуа бызшәа аҳәынҭқарратә статус ашьҭыхра. Иара ихьӡ иадҳәалоуп амилаҭ маҷқәа реидкылара аус. Владислав Арӡынба ҧызара азиуит Амилаҭтә ҭҵаарадырратә Академиа аиҿкаара, Аҧсны Ар, Атәылахьчара Аминистрра, Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра, амилаҭтә дипломатиатә школ уҳәа жәабала аҳәынҭқарратә атрибутқәа ҿыц рышьақәыргылара.
Рыцҳарас иҟалаз, иахьа ашәарҭа иҭагылоуп Владислав Арӡынба ибла аҷыц еиҧш иихьчоз амилаҭтә интересқәа. Уи хьаҵрада инаигӡоз ахьыҧшымра акурс, амилаҭтә суверенитет иалахәаахәҭуа амчрақәа рдеструктивтә ҳәамҭақәа рҽеишьа рмоур алшоит.
Нагӡара ақәзааит Владислав Арӡынба Аҧсны- жәлар зниҵаз ахақәиҭра амҩа! Ихьӡ кашәара ақәымзааит ҧсра зқәым жәлар раҧхьагылаҩ ду!